Қарҭ алышәшәа рацәа рымшала аинфраструктуратә проблемақәа цәырҵит 
Қарҭ алышәшәа рацәа рымшала аинфраструктуратә проблемақәа цәырҵит 

Қарҭ алышәшәа рацәа рымшала аинфраструктуратә проблемақәа цәырҵит.

Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, афымцамҩангагақәак каҳаит.

Ақалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала, аҵлақәа ркаҳара афактқәа ахьырацәахаз амшала,  асоуреи аҧшаҵәгьеи аан аҵлақәа рыҵаҟа машьынала аиҭаҵра шәарҭоуп.

«Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла аҵлақәа рацәа ркаҳара амшала афымцамҩангагақәеи, адәахьытә арлашареи, амашьынақәеи  аҧхасҭа роуит. Џьара-џьара аинтернет акабельқәа ҧҵәеит. Иашьашәалоу аилахәырақәа активла аус руеит», — иануп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.