Қарҭ Аграртә университет иаҧну аҵакырадгьылаҿ абылра ҟалеит.
Аҭыҧҿы аус зуа Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, аҳаскьыни аҵлақәеи амца рыцралеит. Абылра аҭыҧ иазааигәаны анхарҭатә пунктқәа иҟам.
Аҭыҧаҿы аус руеит абылрацәыхьчара-аиқәырхаратә гәыҧи, ацхыраара лас абригадеи, аполициеи.