Москва абылра ду ҟалеит
Москва абылра ду ҟалеит

Москва абылра ду ҟалеит. ВВС урыстәылатәи абиуро аинформациала, Урыстәыла аҳҭнықалақь у ахәаахәҭратә центр “Мега Химки” былуеит, уи Ленинградтәи автомагистраль аҿы иҟоуп.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, ибылуеит 18 000 м2 иаҟароу аҵакырадгьыл.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациала, амца аларҵәара иалагеит ацентр ахыб аҟынтә, уи ашьҭахь аԥжәара ҟалан, аконструкциа еилаҳаит.

Аахақәа зауз ма аԥсыҭбарақәа ирызку адыррақәа макьана иҟам.

Амца арцәаразы авиациа амобилизациа азыруеит. Абылра зыхҟьаз амзыз дырым.