Қарҭ 12 аметростанциақәа рмодернизациа апроект нарыгӡоит  2023-2029 шықәсқәа рзы
Қарҭ 12 аметростанциақәа рмодернизациа апроект нарыгӡоит  2023-2029 шықәсқәа рзы

«Қарҭ 12 аметростанциақәа рмодернизациа апроект нарыгӡоит  2023-2029 шықәсқәа рзы», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ақалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк ацхыраарала аконсультант далырхуеит, уи қарҭтәи атранспорттә еилахәыра ахаҭарнакцәа дрыцхраауеит иаҭаху амаҵзурақәа раахәараҿы.

Калаӡе ишиҳәаз ала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь аметрополитен  аусушьа еиҕьхоит, уи Қарҭ атранспорттә политика амҩаҧгара иацхраауеит.

Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абан ари апроект иазоунашьҭит  акредит асахьала  50,6 миллион еврои агрант асахьала  5 миллион еврои.