Қарҭ аадыртит раҧхьатәи Қырҭтәыла-Германтәылатәи азинтә форум

15:51, 05.07.2023

Қарҭ аадыртит раҧхьатәи Қырҭтәыла-Германтәылатәи азинтә форум.

Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аинформациа инақәыршәаны, афорум амҩаҧгара аидеиа цәырҵит ҵыҧх цәыббразы, Қырҭтәылеи Германтәылеи аиустициа аминистрцәа реиҧылараан.

Аминистрра адыррала,  ари афорум  Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцессаҿ зҵакы дуу ацхыраагӡатә хархәагоуп, уи хықәкыс иамоуп  азинтә усхкы аҿы апрофессионалцәа рырҕәҕәареи ҩ-тәылак рзинтә системақәа иаҳа еизааигәатәреи.

Афорум алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

„Ари афорум абзоурала, ҳтәыла, даҽа алшарак аиуит ақырҭуа азинтә қәыҧшылара европатәи астандартқәа рзааигәатәразы, уи Евроеидгыла алалара апроцессаҿы иҳацхраауеит“, – иҳәеит Рати Брегаӡе.

Афорумаҿ германтәылатәи аделегациа дахагылоуп Аиустициа афедеративтә  министрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Анжелика Шлунк.  Ауснагӡатә рхы аладырхәоит Евроеидгыла агентра  „Евроџьаст“ авице-ахада Боштиан Шкрлец; азакәанҧҵаратәи аӡбаратәи мчра алахәылацәеи,  апрокуратуреи Адукатцәа рассоциациеи, Апенитенциартә маҵзуреи рнапхгаҩцәеи, аҵарадырратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәеи.

Афорум хдыркәшоит ҧхынгәы  6 рзы.

 

Еиԥшу