Қәҭешь  Риони аҧсҭҳәаҿы Намахвантәи Гес аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра рмитинг хыркәшоуп
Қәҭешь  Риони аҧсҭҳәаҿы Намахвантәи Гес аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра рмитинг хыркәшоуп

Қәҭешь  Риони аҧсҭҳәаҿы Намахвантәи Гес аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра рмитинг хыркәшоуп, аха акциа алахәылацәа ақалақь ашҭа хадаҿы идыргылаз  ақьалақәа рҿы иаанхоит.

Иахьатәи акциаҿы ауаа аҳәара ҿыц иқәдыргылеит  – аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнава ламхра. Акица алахәылацәа ишырәҳаз ала, аиҳабыра ари аҳәара нарымгӡар, Қарҭ акциақәа рымҩаҧгара иалаганы, аиҳабыра зегьы рамхра иаҳәоит.

«Ҳара акгьы ҳацәшәом,  ҳара ҳхы ҳақәиҭуп. Аиҳабыра иргәалаҳаршәар ҳҭахуп  — ҳҳәатәы ҳашәымҵар,  шәара шәамхны,  ҳҳәатәы хазҵаша аиҳабыра ааҳгоит», — иҳәеит Риони аҧсҭҳәа ахьчаҩцәа иреиу Варлам Голеҭиани.

Акциа аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала,  анеҩстәи акциа Қарҭ имҩаҧыргоит,  аха,  ианымҩаҧырго рымҳәеит.