Аҟәа акциа мҩаԥысуеит
Аҟәа акциа мҩаԥысуеит

Аҟәа ақалақь Адраматә театр аҿаԥхьа аоппозициатә политикатә мчрақәа акциа мҩаԥыргоит, – аанацҳаит “Эхо Кавказа”.

Акьыԥхь аинформациала, акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи “Анхарҭақәа рлегализациеи, Аԥсны адгьылқәа реизшареи афымцадашаразы атариф ацҵареи” иазку азакәан иаҿагылоит.

“Эхо Кавказа” аинформрациа ала, аиҳабыратә хыбрақәа ирыкәшаны иашьашәалоу ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа мҩаԥган, игылан аигатә бариерқәа, аихатә ҭелқәа, ааган автобусқәа.

Иҟоу адырақәа рыла, ауааԥсыра иргәамԥхо азакәан адкылара дадгылоит де-факто ахада Аслан Бжьаниа.

Лаҵара 25 рзы “Аԥсны аветеранцәеи атәылауааи реидгыла” Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵарц идҵаны иқәнаргылеит.