Қәҭешь-Лентехи-Ушгули амҩа хә-ҭыԥк рҿы абдгьылбгара ҟалеит. Ари атәы Актәи аканал ахь ааицҳаит Раҷа-Лечхәыми Ҵаҟатәи Шәантәылеи рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Бердиа Чанқселиани.
Чанқселиани иажәақәа рыла, ақыҭа Саҟдари ахь ицо амҩала аиҭаҵра ҟалом.
“Қәҭешь-Лентехи-Ушгули амҩа 98 км аҿы иҟоу ақыҭа Саҟдари ахь ицо амҩала ақәаршаҩы иахҟьаны аиҭҵра ҟалом. Аҭагылазаашьа цәгьа иахәамԥшыкәа, Автомобилтә амҩақәа рдепартамет атехника амобилизациа алгеит. Аусурақәа нагӡоит”, – иҳәеит Бердиа Чанқселиани.
Раҷа-Лечхәыми Ҵаҟатәи Шәантәылеи рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ ишааицҳаз ала, еиҿкаауп аштаб ҷыда.