Питер Сииарто – Брюссель аҟынтәи ажәалагала ҳауит ақырҭуа ачиновникцәа рганахьала асанкциақәа ралагаларазы, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит ари авето шақәаҳҵо
“Венгриа ақырҭуа чиновникцәа асанкциақәа рсиаҿы рылаҵара иаҿагылоит, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит ари авето шақәаҳҵо, – иҳәеит Венгриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Питер Сииарто.
Сииарто иажәақәа рыла, Венгриа Қырҭтәыла адгылара азаанарԥшуеит.
“Алхрақәа рҿы аоппозициаа аиааира агараан, Бриуссель Қырҭтәыла адемократиа шьақәгылеит ҳәа аҳәамҭақәа рыҟаҵара иалагон. Аха уажәы урҭ иҟарҵо, адемократиа иашьашәалам. Урҭ ақырҭуа жәлар ралхра пату ақәырҵом. Ари алибералтә меинстрим имҩаԥнаго ахәмарра бааԥсуп, аха уи аҿагылара шәылшоит”, – иҳәеит Сииарто
Сииарто иажәақәа рыла, урҭ Бриуссели адунеизегьтәи алибералтә елита рахь ааԥхьара ҟаиҵоит ақырҭуа жәлар ирыдыркылаз аӡбара ҳаҭыр ақәырҵарц.