Ҧониҷала аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит
 Ҧониҷала аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит

Қарҭтәи араион Ҧониҷала аоперациа ҷыла мҩаҧысуеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  ари аоперациа анаркотикқәа ирыдҳәалоуп.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинформациала, аоперациа ҷыда аан азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа аарҧшны, џьоукы ааныркылеит.

Аамҭакала аоперациа ҷыда мҩаҧысуеит Қырҭтәыла егьырҭ араионқәак рҿгьы.