Петрt Цискаришвили – Жьҭааразы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа асанкциақәа рҭоурых аҿы аҵак ду рымоуп, иҳаӡбароуп Қырҭтәыла мраҭашәаратәи асанкциақәа рыҵаҟа инхаларц ҳҭахума?

14:21, 02.07.2024

Асанкциақәа ҩ-хырхарҭала иџьбарахар алшоит: актәи – уаанӡа аԥкрақәа зрыламкьысыз ауаа рганахьала авизатә ԥкрақәа ралагалара, аҩбатәи – афинанстә санкциақәа. Ҳара жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла ахақәиҭтәра алаҳхроуп, ари азы ихадароу аԥсахрақәа, аиҭакрақәа ҟаҳҵароуп, — иҳәеит Амилаҭтә ҵысра амаӡаныҟәгаҩ хада Петре Цискаришвили.

Цискаришвили ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭа далацәажәеит. Блинкен иажәақәа рыла “Атәым агентцәа ирызку” азакәан иазкны ҳгәынамӡаара ааҳарԥшит, ари лабҿаба егьаадырԥшит.

Еиԥшу