Петре Мелқишвили имҩаду арҽеира рашәара 15 рзы иалагоит
Петре Мелқишвили имҩаду арҽеира рашәара 15 рзы иалагоит

Петре Мелқишвили имҩаду арҽеира рашәара 15 рзы иалагоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра реилатәара аҿы.

Калаӡе иажәақәа рыла, Мелиқишвили имҩаду аҿы автотранспорт ала аныҟәара аанкылахоит.

„Рашәара 15 инаркны ихадароу аинфраструктуратә проект ҳалагоит – Петре Мелқишвили имҩаду арҽеира иалагоит.  Апрект ала, амҩаду аҿы автотранспорт ала аныҟәара аанкылахоит“, – иҳәеит Калаӡе.

Ахадара аинформациа ала, автотранспорт аныҟәара альтернативатә маршрут ахадара авебдаҟьеи асоциалтә каҭақәеи рыла иларҵәахоит.