Петер Сииарто – Урыстәыла - Украинатәи акризис афонаҿ, Венгриа, ахатә аҵакырадгьыл аҿы иацҵаны НАТО амчқәа рыргылара иақәшаҳаҭым
Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииарто Euronews иеиҭаз аинтервиу аҿы ишааицҳаз ала, ари атәыла ахатә аҵакырадгьыл аҿы иацҵаны НАТО амчқәа рыргылара иақәшаҳаҭым.
«Мап, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым, ҳагьақәшаҳаҭхом, избанзар, ҳтәылаҿы уезгьы НАТО арратә мчқәа гылоуп, — уи венгриатәи арбџьармчқәа роуп, дара атәыла ашәарҭадара ахьчаразы ибзианы иазыҟаҵоуп. Убри аҟынтә, Венгриа аҵакырадгьыл аҿы иацҵаны арбџьармчқәа ҳҭахым», — иҳәеит Петер Сииарто.
Иара иажәақәа рыла, Мраҭашәареи Мрагылареи рыбжьара иарбанызаалак аимак амшала Ацентртә Европаҿы крызҵазкәа апроблемақәа цәырҵуеит. Сииарто ишиҳәаз ала, Венгриа «аибашьра хьшәашәа» еиҭалагар ҳәа ишәоит, убри аҟынтә, Урыстәыла иадҳәаланы иҟоу апроблемақәа зегьы адипломатиатә мҩала рҭыҧқәҵара иадгылоит.
«Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп зегьы иреицәоу асценари аҽацәыхьчаразы. Адипломатиеи адиалоги ҳазҿлымҳазароуп. Убри азоуп Урыстәылеи мраҭашәаратә аидгылаҩцәеи апроблемақәа зегьы аҭынчмҩала рҭыҧқәҵара зрыбжьааго.
Мрагыларатә Европа егьырҭ атәылақәа иреиҧшымкәа, Венгриа, Урыстәыла -Украинатәи акризис афонаҿ, ахатә аҵакырадгьыл аҿы иацҵаны НАТО амчқәа рыргылара иақәшаҳаҭым», — иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр.