Пентагон аинформациа ала, иаҭаххар 8500-ҩык америкатәи аруаа мрагыларатәи Европа артәаразы ихиоуп
Иаҭаххар 8500-ҩык америкатәи аруаа мрагыларатәи Европа артәаразы ихиоуп, – ари атәы ааицҳаит Пентагон апресспикер Џьон Кирби.Аинформациа аланарҵәеит CNN.
Кирби иҟаиҵаз аҳәамҭала, ахада Џьо Баиден идҵала, атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин аруаа азыхиазааразы адҵа риҭеит.
Пентаго ахаҭарнак иажәақәа рыла, мрагыларатә Европа америкатәи арратә гәыԥқәа рыртәаразы аӡбара макьана рыдрымкылеит.
Кирби ишааицҳаз, Нато ақәҿыҭра лас амчқәа ирылоуп 40 000-ҩык рҟынӡа арратә маҵзуҩцәа.