Пекинтәи Акультуреи абызшәеи ауниверситет ахада  - Ҳара Китаи- Қырҭтәылатәи ауниверситеттә алианс аҧаҳҵоит
Пекинтәи Акультуреи абызшәеи ауниверситет ахада  - Ҳара Китаи- Қырҭтәылатәи ауниверситеттә алианс аҧаҳҵоит

Пекинтәи Акультуреи абызшәеи ауниверситет ашьаҭаркра инаркны,  раҧхьаӡа акәны ауниверситет  иаҭааит Қырҭтәыла аҧыза-министри уи иделегациеи, ари авизит ауниверситет аҭоурыхаҿ иаанхоит, Китаии Қырҭтәылеи реиҩызара арҕәҕәараҿы зҵакы дуу етапхоит, – иҳәеит Пекинтәи Акультуреи абызшәеи ауниверситет ахада.

Туан Фенг иҳәамҭала,  абызшәеи акультуреи  ацҳас иҟалеит, уи  китаитәии ақырҭуеи цивилизациақәа рыбжьара адиалог арҭбааразы акрызҵазкәа шьаҿоуп.

„ Ҳара Китаи – Қырҭтәылатәи ауниверситеттә алианс аҧаҳҵоит, аҭакҧхықәра ҳхы иадҵаны,  китаитәи аколлегацәа Қырҭтәыла абаза рзеиҿкаара ҳацхраауеит, аҵара аусхкы аҿы Китаии Қырҭтәылеи иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәҳаршәоит.  Насгьы,  абызшәеи акультуреи    китаитәии ақырҭуеи цивилизациақәа рыбжьара адиалог арҭбаараҿы иҳацхраауеит. Аиҭныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҧҟьарада имҩаҧаагалоит еиуеиҧшым акультуратә амшқәа/амчыбжьқәа, иара убас,  ақырҭуа аҩы ахьырацәоу абарқәеи акаҳуажәырҭақәеи рҿы ҳаизоит. Аиашаз, уи 2 цивилизациак реилибакаара иацхраауа  аминиатиура хәыҷы ауп.  Ахҧатәи –  Китаии Қырҭтәылеи рыбжьара ауаатәыҩсатә еимадарақәа рырҭбаара ҳацхраауеит, аҿар реиҭныҧсахлара ашьаҭала. Ҳара аҩ-тәылак рҿар рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит дара-дара ртәылақәа ирҭааирц, ҳаиҩызара  иамоу азеиҧш жәлартә адгылара иаҳа иҕәҕәахарц азыҳәан иаҳа ирацәаны аҿартә формумқәа мҩаҧыргаларц“, – иҳәеит ауниверситет ахада.