Павел Ҳерчински  - Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало, ари Қырҭтәыла ахырҳага ду шазаанаго сақәгәыӷуеит
Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало, ари Қырҭтәыла ахырҳага ду шазаанаго сақәгәыӷуеит

Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало, ари Қырҭтәыла ахырҳага ду шазаанаго сақәгәыӷуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳа́ражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.

Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла алалара аҭышәынтәалареи, аҭынчреи, мышхәбзазареи, аԥсҭазаашьа аҩаӡара азҳареи ауп иаанаго.

„Ари аҭоурыхтә момент аҿы Қырҭтәыла сахьыҟоу даара сгәы иаахәоит. Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы аҳәара ҟанаҵеит. Аиҿкаара иалоу 27 тәыла Қырҭтәыла европатәи аперспектива аҭара рыӡбеит. Уажәы 12 приоритетқәа аус рыдулара апроцесс мҩаԥысуеит. Ари макьана аусуратә прогрессуп. Ари апрогресс ахәшьара ашықәс анҵәамҭазы, ԥхынҷкәын азы аҳҭоит. Қырҭтәыла акандидат статус аиуеит ҳәа сақәгәыӷуеит. Ари ала амҩа нҵәом. Акандидат статус аиура ала Евроеидгылара алалара ахырхарҭала даҽа шьаҿа ҟаҵахоит. Ашьаҿақәа рацәаны ҟаҵатәуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла шалало, ари Қырҭтәыла ахырҳага ду шазаанаго сақәгәыӷуеит. Аха ари азы амилаҭтә аиқәшаҳаҭра ҟалароуп. Аполитикатә мчқәа зегьы аус ецыруроуп, акомпромиси, аинклиузивтәи аконструктивтәи аиқәшаҳаҭра ҟалароуп. Ари зегьы ашықәс анҵәамҭазы аӡбара адкылараан иазыԥхьагәаҭахоит“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.