Павел Ҳерчинский  "Агрантқәа ирызку" азакәанахь аҧсахрақәа алагарала азҵааразы адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвили диҧылеит
Павел Ҳерчинский  "Агрантқәа ирызку" азакәанахь аҧсахрақәа алагарала азҵааразы адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвили диҧылеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчинский  “Агрантқәа ирызку” азакәанахь аҧсахрақәа алагарала азҵааразы адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвили диҧылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭәтыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аҟынтәи.

Дара ринформациа ала, аиҧылара хықәкыс иаман зыӡбахәы ҳәоу азакәани уи иадҳәалоу азакәанҧҵаратә актқәеи рахь  аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы Евроеидгыла агәынамӡара ду аарҧшра.

« 2026 шықәса жәабран 11 рзы Қырҭәтыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Ҳерчински, аиҧылара иадҳәаланы,   Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аҳәара ҟаиҵеит . жәабран 12 рзы ацҳаражәҳәаҩ дидикылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвили.

Аиҧылара хықәкыс иаман зыӡбахәы ҳәоу азакәани уи иадҳәалоу азакәанҧҵаратә актқәеи рахь  аҧсахрақәа алагалара иадҳәаланы Евроеидгыла агәынамӡара ду аарҧшра. Абри аҩыза асахьала аҧсахрақәа рыдкылара атәылауаҩратә қәыҧшылареи аполитикатә усура алахәызаареи  иаҧырхагахоит. Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, абри аҩыза ашьаҿақәа Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа ирышьашәалам.

Иара убас, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, арҭ аҧсахрақәа рыдкылара Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә миссиақәа русура иаҧырхагахоит, уи Венатәи аконвенциа апринципқәа реилагароуп иаанаго.

Ақырҭуа аган Евроеидгыла асанкциақәа  рызҵаара иқәдыргылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа, ахҭысқәа инрықәыршәаны, аимадара анагӡаразы еиқәшаҳаҭхеит», — иануп Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациаҿы.