Павел Герчински - Польшатәи аҳақьымцәа Михеил Саакашвили игәаҭара зин ахьроуз даара сгәы иаахәеит, рекспертиза апациент ихәышәтәра ацхраауеит
Павел Герчински - Польшатәи аҳақьымцәа Михеил Саакашвили игәаҭара зин ахьроуз даара сгәы иаахәеит, рекспертиза апациент ихәышәтәра ацхраауеит

Польшатәи аҳақьымцәа ргәыԥ Қырҭтәыла иахьаҭааз, ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили игәаҭара алшара ахьроуз даара сгәы иаахәеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Паевл Герчински.

Ҳерчински иажәақәа рыла, Саакашвили изинқәа рыхьчара аҵак ду амоуп.

„Польшатәи аҳақьымцәа сааҭқәа ирылагӡаны апациент дгәарҭон.  Урҭ Саакашвили ихылаԥшуа “Вивамед” аҳақымцәа ирацәажәеит.Польшатәи аҳақьымцәа Михеил Саакашвили игәаҭара зин ахьроуз даара сгәы иаахәеит, рекспертиза апациент ихәышәтәра ацхраауеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Ари апроцесс ахыркәшара кыраамҭа аҭаххеит, аха Польшатәи аҳақьымцәа ргәыԥ Қырҭтәыла иахьаҭааз, ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили игәаҭара алшара ахьроуз даара сгәы иаахәеит“, – иҳәеит Павел Герчински.