Павел Герчински - Евроеидгылаҿ ишырыԥхьаӡо ала, алхрақәа зхы иақәиҭу аҭагылазаашьаҿ рымҩаԥгара ахадаратә ҵакы амоуп
Павел Герчински - Евроеидгылаҿ ишырыԥхьаӡо ала, алхрақәа зхы иақәиҭу аҭагылазаашьаҿ рымҩаԥгара ахадаратә ҵакы амоуп

Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа жәымз рышьҭахь мҩаԥгахоит, Евроеидгылаҿ ишырыԥхьаӡо ала, алхрақәа зхы иақәиҭу аҭагылазаашьаҿ рымҩаԥгара ахадаратә ҵакы амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.

Иажәақәа рыла, ииашоу алхрақәа Еврокомиссиеи 27 алахәыла-тәылақәеи шьақәзырӷәӷәаз жәшьаҿак рҟынтә акоуп, евроинтеграциа амҩаҿ ари Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы амоуп.

„Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа жәымз рышьҭахь мҩаԥгахоит, Евроеидгылаҿ ишырыԥхьаӡо ала, алхрақәа зхы иақәиҭу аҭагылазаашьаҿ рымҩаԥгара ахадаратә ҵакы амоуп. Ари алхрақәа рымҩаԥгара амш мацара акәым, алхраԥхьатәи апериодгьы иадҳәалоуп. Қырҭтәыла аиҳабыра Ашәaрҭaдaреи рзы Европaтәи Аиҿкaaрa aдемокрaтиaтә институти aуaҩытәыҩсa изинқәa рофиси (Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара/ODHIR) анаԥшцәа рмиссиа аарыԥхьап ҳәа агәра ҳоит”, – иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.

Павел Герчински ишазгәеиҭаз, Евроеидгыла алхыҩцәа рырдырреи, рырҵареи алхратә мониторинги мҩаԥызго узықәгәыӷыша атәылауаҩратә аиӡкаарақәа ирыдгылоит.