Павел Герчински – Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа иҵоуроу аӡбара рыдыркылап, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иазааигәахап ҳәа сгәыҕуеит
Павел Герчински – Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа иҵоуроу аӡбара рыдыркылап, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иазааигәахап ҳәа сгәыҕуеит

 

«Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ахырхарҭала ҧхьаҟацара нанагӡап ҳәа сгәыҕуеит. Уажәы ахадаратә етапахь ҳаиасуеит, Еврокомиссиа аҳасабырба ҳазыҧшуп, ҧхынҷкәын азы анеҩстәи ашьаҿақәа ирызкны аӡбара здызкыло  27 ҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа рҟны аиҧылара мҩаҧысуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Герчински.

Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, иара Қырҭтәыла иадҳәаланы иҵоуроу аӡбара рыдыркылап ҳәа дгәыҕуеит.

«Сара сгәаанагара сҳәахьеит, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ахырхарҭала ҧхьаҟацара нанагӡап ҳәа сгәыҕуеит.  Ишыжәдыруа еиҧш, анеҩстәи ашьаҿа акандидат астатус аиура ауп, Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа рнапахгаҩцәа аӡбара рыдыркылоит сынтәа ҧхынҷкәын азы. Ари аӡбара рыдыркылоит ажьҭааразы Еврокомиссиа ицәырнаго аҳасабырба ашьаҭала.  Уажәы ахадаратә етапахь ҳаиасуеит, Еврокомиссиа аҳасабырба ҳазыҧшуп, ҧхынҷкәын азы анеҩстәи ашьаҿақәа ирызкны аӡбара здызкыло  27 ҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа рҟны аиҧылара мҩаҧысуеит.  Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқаррақәа иҵоуроу аӡбара рыдыркылап, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара иазааигәахап ҳәа сгәыҕуеит. Ари апроцесс аамҭа аҭахуп, уи излауа ала ирласны иҟалар ҳҭахуп», — иҳәеит  Павел Герчински.