Парижтәи аппелиациатә аӡбара, "Намахвани ГЭС" аус иадҳәаланы, аҳәынҭқарра ала аилахәыра Enka 400 миллион адоллар азшәара иазкыз ақәҵара ааннакылеит
Парижтәи аппелиациатә аӡбара, “Намахвани ГЭС” аус иадҳәаланы, аҳәынҭқарра ала аилахәыра Enka 400 миллион адоллар азшәара иазкыз ақәҵара ааннакылеит.
Ари аус 800 миллион адоллар иаҧсоу апроект “Намахвани ГЭС” иазкуп. Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра «Энкеи» ари апроект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2019 шықәсазы.
Парижтәи апеллиациатә аӡбара ақәҵара ишану ала, апроект аанкылан аҭыҧантәи ауааҧсыреи аекологиатә активистцәеи имҩаҧыргоз акциақәа рымшала. Убри анеҩс, 2021 шықәсазы, аилахәыра «Енка» ганкала, ари апроект ааннакылеит, Қырҭтәыла анапхгара аиқәшаҳаҭра аҭаылазаашьақәа еиларгеит ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны. 2022 шықәсазы ари аилахәыра, акомпенсациа ашәара аҳәарала, жәларбжьаратәи арбитраж иадҵаалт. 2024 шықәса абҵара 13 рзы арбитраж аҵыхәтәантәи ақәҵара аднакылеит. Атрибунал аиқәшаҳаҭра аҧыхра закәанла иҟалеит ҳәа иҧхьаӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдырҵеит аилахәыра «Энка» 400 миллион адоллар азшәара.
Қырҭтәыла аиҳабыра Парижтәи аӡбара 3 шшыҧхьыӡк аланаҵеит: ақәҵара аҧыхра иазкны, ақәҵара анагӡара мап ацәкразы, иара убас, акомпенсациа ашәара аанкыларазы. Убри аамҭазы, аилахәыра «Енка» ақәҵара анагӡара азин иаҳәон.
Парижтәи аӡбара Қырҭтәыла аиҳабыра ицәырыргаз аргументқәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара ааннакылеит, апеллиациатә инстанциа аҵыхәтәантәи ақәҵара аднакылаанӡа.