Париж апарламенттә алхрақәа актәи ртур аекзитполқәа рылҵшәақәа аҿагыларақәа ирхылҵит
Париж апарламенттә алхрақәа актәи ртур аекзитполқәа рылҵшәақәа аҿагыларақәа ирхылҵит

Париж апарламенттә алхрақәа актәи ртур аекзитполқәа рылҵшәақәа аҿагыларақәа ирхылҵит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, адемонстрантцәа Париж амҩақәа рҿы аҭыԥантәи аинфраструктура амца рыцраҵеит. Гәыԥҩык акциа алахәылацәа “Афашистцәа, шәца” ҳәа рҳәон.

Аекзитполқәа рылҵшәақәа рыла, Франциа имҩаԥысуа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа актәи араунд аҿы Марин Ле Пен лпартиа “Амилаҭтә Еидгыла” 34% рыла аԥхьагылара амоуп. арымарахьтәи акоалициа “Ажәлартә фронт ҿыц” 28,1% рыла аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит , ахада Еммануель Макрон ицентристтә алианс абжьқәа 20,3% аиуит.