Оливер Варҳеи - Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ишазгәыку шьақәнарҕәҕәароуп, уи ауп ихадоу, Евроеидгыла анеҩстәи ашықәсқәа рзы алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиоуп
Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ишазгәыку шьақәнарҕәҕәароуп, евроинтеграциа апроцессаҿ ҧхьаҟацара нанагӡароуп, – иҳәеиат арҭбаара азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи.
Варҳеи иажәақәа рыла, Евроеидгыла анеҩстәи ашықәсқәа рзы алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиоуп.
„Иҳаҩсыз амзақәеи ашықәсқәеи рзы аҭоурыхтә ҵакы змоу аӡбарақәа ҳадаҳкылеит. Евроеидгыла алаларазы 4 азыҳәамҭак ҳадаҳкылеит. Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Косовои рҟынтә. Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Бисниееи Герцеговинеи акандидат астатус роуит. Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара ишазгәыку шьақәнарҕәҕәароуп, евроинтеграциа апроцессаҿ ҧхьаҟацара нанагӡароуп. Акандидатцәа ареформақәа рымҩаҧгара ишазгәыку аадырҧшыроуп, уи ауп ихадоу. Евроеидгыла анеҩстәи ашықәсқәа рзы алахәыла ҿыцқәа рыдкылара иазыхиоуп“, – иҳәеит Оливер Варҳеи.