Олаф Шольц - Рашәаразы Украинеи Молдовеи аперспективаҿ Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәеи ҳахьрықәшаҳаҭхаз даара сгәырӷьоит
Рашәаразы Украинеи Молдовеи аперспективаҿ Қырҭтәылеи ҳахьрықәшаҳаҭхаз даара сгәырӷьоит, мраҭашәаратәи Балканқәеигьы рҭыԥ ҳа ҳҿы ауп, зхы иақәиҭу адемократиатә Европаҿ, -иҳәеит Гермнтәыла аканцлер Олаф Шольц вропатәи асоциал-демократиатә партиа жәларбжьаратәи аконгресс аҿы.
Шольц иажәақәа рыла, алахәыларазы акандидатцәа – мраҭәашәаратәи Балканқәа ртәылақәа 20 шықәса раԥхьа ажәа рырҭеит, уажәы рҳәахьа нарыгҿароуп.
“Иахьа Урыстәыла амчылара амҩа алхны, ахақәиҭреи автократиеи рҳәаақәа рыԥсахра аҭа́хуп. Ҳара ҳабжьы Европа зегь аҿы Адгьылбжьаратәи мшын инаркны Аҩадатәи амшын аҟынҿа, Лиссаон аҟынтә Қарҭ аҟынӡа. Ҳаидгыланы зхы иақәиҭу, ишәарҭам адемократиатә Европа ҳарҿиароуп. Абас ала Европатәи ахәынаӡарақәа рыхьчара ҳалшоит. Европа ҳԥеиԥш ауп, ари аԥеиԥш изла ҳалшо ала хьчатәуп”, – иҳәеит Шольц.