Германтәыла аканцлер Олаф Шольци Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иахьа Берлин еиԥылоит.
Германтәыла аканцлер иофис аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвилии Олаф Шольци реиҿцәажәараҿ тема хаданы иқәгылоит жәларбжьаратәии, ашәарҭадаратәии, европатәи аполитика азҵаарақәеи аекономикатә усеицура атемақәеи.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәыла иусуратә визит иацы, рашәара 8 рзы иалагеит. Аҧыза-министр иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган Вилл Брандт ихьӡ зху Берлин – Бранденбургтәи арратә аеродромаҿ.