Олаф Шольц – Евроеидгыла еиҧшҵәҟьа, Германтәылаҿгьы агентцәа ирызку азакәан ҳақәшаҳаҭым, Қырҭтәыла ари азакәан аднамкылап ҳәа ҳгәыҕуеит
«Германтәыла аханатәгьы Қырҭтәыла Евроеидгыла аперспектива азаартра иақәшаҳаҭын. Ҳара ҳзы зҵакы дууз арыцхә иҟан — 2023 шықәса ҧхынҷкәын, усҟан Қырҭтәыла акандидат астатус аиуит», — иҳәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Шольц игәаанагарала, уажәазы аҵакы ду амоуп алаларазы иаҭаху акритериқәа зегьы рынагӡара.
«Араҟа азинтәи аекономикатәи реформақәа аҵакы ду рымоуп, аха, раҧхьа иргыланы, азинтә ҳәынҭқарреи адемократиеи иҟазароуп. Ҳара ибзианы иаадыруеит атәыла аиҳабыра мацара ракәымкәа, ақырҭуа жәларгьы Евроеидгыла алалара шырҭаху. Ауаа ари апроцесс арццакра иазҿлымҳауп. Убри аҟынтә, европатәи апринципқәа рыхьчара аҵакы ду амоуп, Европеи Европатәи ахеилаки аҵакы ду ранашьазароуп», — иҳәеит Олаф Шольц.
Германтәыла аканцлер игәаанагарала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы апроблемақәагьы ирылацәажәатәуп.
«Евроеидгыла еиҧшҵәҟьа, Германтәылаҿгьы агентцәа ирызку азакәан ҳақәшаҳаҭым, ари азакәан анааныркыла инаркны уи уаҳа ицәыррымгап ҳәа ҳгәыҕуан. Қырҭтәыла апарламент ҳпозициеи Қырҭтәыла ауааҧсыра рпозициеи иазҧхьагәаҭаны, ари азакәан аднамкылап ҳәа ҳгәыҕуеит. Убри аҟынтә, ҳаиҿцәажәараан сара даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭеит атәылауаҩратә уаажәларра аҵаки аиҳабыреи аоппозициеи русеицуреи, уи ауаажәларратә аҿиаразы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Олаф Шольц.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Германтәыла дыҟоуп.