ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа - Аҳәынҭқарратә институтқәа рганахьала амчылара ҟалом, аиҭакрақәа мҩаҧгазароуп алхратә процесс ала, амчыларала акәымкәа 
ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа - Аҳәынҭқарратә институтқәа рганахьала амчылара ҟалом, аиҭакрақәа мҩаҧгазароуп алхратә процесс ала, амчыларала акәымкәа 

ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа  алахәылацәа  Қырҭтәыла рвизит иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла евроинтеграциа иадҳәаланы атәылаҿы иҟоу аконсенсус наӡа иазыразуп. Адокумент ишану ала, анеҩстәи алхрақәа мҩаҧгазароуп ОБСЕ аҿаҧхьа Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа ирышьашәаланы. Аха, аделегациа алахәылацәа рҳәамҭала, абарҭ ахықәкқәа рынагӡара иаҧырхагахоит атәыла аполитикатә ҧсҭазаараҿы иҟоу аполиаризациа.

«Лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла аполитикаҿ иҟоу аполиаризациа атәыла апотенциал инаӡаны ахархәара ишаҧырхагоу. Ҳделегациа алахәылацәа рполитикатә хәаҧшырақәа еиҧшым, аха, ҳара аус еицаауеит. Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа рҟынтәгьы абри ауп иаҳҭаху», — иҳәеит Ааахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда  Луис Граса.

 Луис Граса иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә институтқәа рганахьала амчылара иахәҭам.

«Шәааи, жьҭааразы иаҳҳәаз еиҭаҳҳәап: аҳәынҭқарратә институтқәа рганахьала  амч ахархәара ҟалом.  Аиҭакрақәа мҩаҧгазароуп алхратә процесс ала, аҳәынҭқарратә органқәа раҧыхра амзызла амч ахархәарала  акәымкәа», — иҳәеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, авизит алҵшәақәа ирыхәаҧшуеит ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа абиуро аилатәареи, иара убас, Гаага имҩаҧысуа есышықәсатәи асессиеи рҿы.