ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа - Пиа Каумеи Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәеи рдискуссиа алхрақәа рышьҭахь ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәа рынагӡара иазкын
ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа, ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каумеи Қырҭтәыла апарламенттә делегациеи Ташкент реиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит.
Аинформациа ишану ала, ари адискуссиа алхрақәа рышьҭахь ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәа рынагӡара иазкын.
„Ташкент, Апарламентбжьаратә еидгыла ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Апарламенттә ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡеи дырҧылеит. Ари адискуссиа алхрақәа рышьҭахь ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәа рынагӡара иазкын“, – иануп ОБСЕ Апарламентәт ассамблеиа „Твиттер“ аҿы иаланарҵәаз аинформациаҿы.