Нона Гаҧриндашвили абаандаҩцәа ашахматтә мастер-класс рзымҩаҧылгеит
«Ашахмат асразы адунеи ачемпион Нона Гаҧриндашвили №16-и №12-и абахҭақәа рҿы аҩныҵҟатәи ашахматтә турнир аҿы аиааира згаз абаандаҩцәа мастер-класс рзымҩаҧылгеит», — аарыцҳаит Апенитенциартә маҵзураҟынтә.
Адунеи ачемпион аиааира згаз абаандаҩцәа аҳаҭыршәҟәқәа рылҭеит.
«Абахҭақәа рҿы аспорттә напхгарҭара астратегиа аларҵәан аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иҧшьгарала. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, абаандаҩцәа аспорттә аҵара аиуреи, аспорттә турнирқәа рылахәызаареи, еиуеиҧшым аспортхкқәа рзы аҽазыҟаҵареи рылшоит», — иануп Апенитенциартә маҵзура адырраҿы.