Азинхьчаратә органқәа русзуҩ иқәларазы ахара здыз Нино Даҭашвили абахҭа дҭыҵит.
Агәабзиара аҭагылаӡааашьа амшала, иахьа Даҭашвили, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала илықәыз аҭакра 5000 лари ашас ашәарала иҧсахын. Апрокуратура аӡбарала, Даҭашвили ари аҧара лшәароуп 30 мшы рыҩныҵҟала.
Нино Даташвили даанкылан рашәара 20 рзы, рашәара 9 рзы иҟалаз аинцидент амшала. Лара амаҵзуратә ҧхықәрақәа назыгӡоз аҳәынҭқарратә маҵзуҩы иқәлара лхарарҵеит. Уи азыҳәан иазхҧхьагәаҭоуп ахараҧса, мамзаргьы 4 шықәса инаркны 7 шықәсанӡа аҭакра.