Николоз Самхараӡе ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи аилатәараҿы ампыҵахалара иахылҿиааз ашәарҭарақәа дрылацәажәеит

16:22, 30.06.2024

 

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет  ахантәаҩы, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа аҟны иҟоу Қырҭтәылатәи аделегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡе Бухарест имҩаԥысуа ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи 31-тәи аилатәара ихы алаирхәуеит.

Қырҭтәыла Апарламент апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Самхараӡе ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа  аполитикатә аусқәеи ашәарҭадареи рзы акомитетаҿ дықәгылеит. Уи иқәгылараан ашәарҭадара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи ауадаҩрақәеи дрылацәажәеит.

Акомитет ахантәаҩы иҳәамҭала, атәыла аҵакырадгьыл 20% иахьагьы Урыстәыла иааннакылоит, 300 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ахҵәараҿы иҟоуп.

«Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рформат мҩаҧысуеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, аха аимак макьана аҭыҧ иқәҵам», –  иҳәеит Самхараӡе.

Иажәа ахыркәшамҭаз Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет  ахантәаҩы жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит ари азҵаара аҭыҧқәҵаразы иаҳа активла иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц.

 

 

Еиԥшу