Николоз Самхараӡе  -  Лукашенко Аҟәа ивизит – Қырҭтәыла ахьыҧшымра аилагароуп иаанаго, наҟ-наҟ абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, уи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҵыхәҧҵәара ахылҵыр ауеит
Николоз Самхараӡе  -  Лукашенко Аҟәа ивизит – Қырҭтәыла ахьыҧшымра аилагароуп иаанаго, наҟ-наҟ абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, уи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҵыхәҧҵәара ахылҵыр ауеит

  Адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа  рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе  Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит дақәыӡбит, иара ишиҳәаз ала,  наҟ-наҟ абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, уи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҵыхәҧҵәара ахылҵыр ауеит.

«Лукашенко Аҟәаҟа ивизит – Қырҭтәыла ахьыҧшымреи,  жәларбжьаратәи зин апринципқәеи, Қырҭтәылеи Беларуси рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәеи  реилагароуп иаанаго. Наҟ-наҟ абри аҩыза афакт еиҭаҟалар, уи ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҵыхәҧҵәара ахылҵыр ауеит. Ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аҧырхагахара аӡәгьы азин иаҳҭом», — иҳәеит адәныҟатәи аизыҟазааашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы.