Николоз Самхараӡе - Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом
Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом, — иҳәеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Саакашвили иус даналацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, закәандарала аҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауааа Қырҭтәыла ахьыҧшымра пату ақәырҵом.
«Қырҭтәыла — ахатә ҳәаақәа змоу ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп. Ари атәыла аҳәаа закәандарала иахысыз ауаҩҧсы аполитбаандаҩыс дзыҟалом. 2003-2012 шықәсқәа рзы иҟаҵаз ацәгьаурақәа рылацәажәарагьы аҭахым. Ҳзакәанқәа ҳаҭыр рықәзымҵо, закәандарала ҳҳәаа иахысыз ауаҩҧсы дполитбаандаҩуп ҳәа зҳәо ауаҩы Қырҭтәыла аҩызас дзыҟалом», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.