Николоз Самхараӡе  - Ацҳаражәҳәаҩ шьҭахьҟа иҧхьара иадҳәаланы азҵаарақәа ҳамоуп,  аурыс арбџьармчқәа Беларуснтә Украина иажәылеит,  аха,  Украина  анапхгара Минскнтә ацҳаражәҳәаҩ имыҧхьеит  
Николоз Самхараӡе  - Ацҳаражәҳәаҩ шьҭахьҟа иҧхьара иадҳәаланы азҵаарақәа ҳамоуп,  аурыс арбџьармчқәа Беларуснтә Украина иажәылеит,  аха,  Украина  анапхгара Минскнтә ацҳаражәҳәаҩ имыҧхьеит  

Адәныҟатиә еизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе иҳәамҭала,  ақырҭуа аган Қырҭтәылантә Украина ацҳаражәҳәаҩ иҧхьара иазку аӡбара рзеилкаауам.

Самхараӡе иажәақәа рыла, ари аус иадҳәаланы азҵаарақәа рымоуп.

«Ацҳаражәҳәаҩ ихаҭа ателеканалк аҿы ишиҳәаз ала,  ари аӡбара аполитикатә шьаҭа аҵам, иара баша аконсультациақәа рзы Киевҟа ддәықәлоит, абас ауп ишиҳәаз.  Ҳара ацҳаражәҳәаҩ шьҭахьҟа иҧхьара иадҳәаланы азҵаарақәа ҳамоуп. Аурыс арбџьармчқәа Беларуснтә Украина иажәылеит,  аха,  Украина  анапхгара Минскнтә ацҳаражәҳәаҩ имыҧхьеит», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.

Самхарадзе ишазгәеиҭаз ала, Украина аибашьра мҩаҧысуеит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла, адипломатиатәи, аполитикатәи, агуманитартәи ганахьала ҳаҧхьаҟагьы Украина иадгылоит.