Никол Ԥашиниан - Шәамахьтәыла ахьыԥшмра астратегиа ҳадаҳкылеит, уи инақәыршәаны Азербаиџьан аҟны аҭынчра ашьақәыргылара, Қырҭтәылаҟны еизыҟазаашьақәа рырҭбаара алшахоит
Никол Ԥашиниан - Шәамахьтәыла ахьыԥшмра астратегиа ҳадаҳкылеит, уи инақәыршәаны Азербаиџьан аҟны аҭынчра ашьақәыргылара, Қырҭтәылаҟны еизыҟазаашьақәа рырҭбаара алшахоит

Шәамахьтәыла ахьыԥшмра астратегиа ҳадаҳкылеит, уи инақәыршәаны Азербаиџьан аҟны аҭынчра ашьақәыргылара, Қырҭтәылаҟны еизыҟазаашьақәа рырҭбаара алшахоит, – иануп Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан Шәамахьтәыла ахьыԥшымра адекларациа адкылара 35 шықәса ҵра инамаданы иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Ԥашиниан ишазгәеиҭаз ала, 1990 шықәсазы ирыдыркылаз адекларациа усҟан Шәамахьтәыла анапхгараҿы иҟаз аполитикатәи аинтеллектуалтәи елита аколлективтә агәаанагара аанарԥшуан, “Ҟарабахтәи аҵысра” анырра аман.

Шәамахьтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, адекларациа аидеологиатә хәҭақәа Шәамахьтәылаҿ Асоветтә Еидгыла ахаантәи “аихатә ԥыракнаҳеи” “аибашьра хьшәашәеи” ридеологиа шьаҭас измаз аколлективтә патритизм амодель аадырԥшуан.

Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан иҳәамҭаҿ ишазгәеиҭаз ала, уажәы аҭынчра шьақәгылеит, Шәамахьтәыла иахьа ахаан ишыҟамыз еиԥш, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп.

“Шәамахьтәыла иахьа ахаан ишыҟамыз еиԥш, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ахаан ишыҟамыз еиԥш исуверену ҳәынҭқарроуп, ахаан ишыҟамыз еиԥш ишәҭы-какҷуеит. Аҭынчра шьақәгылеит, уи аиҷаҳара ауп ҳаззегьы хықәкы хадас иҳамоу”, -иазгәеиҭеит Никол Ԥашиниан.