«Акоалициа аԥсахрақәа рзы» алидерцәа иреиу Ника Мелиа ашас ԥара ацынхәрас аҭакра иқәҵан. Ари аӡбамҭа идикылеит Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ Иракли Швангираӡе.
Аӡбаҩ абри еиԥш аӡбамҭа идикылеит Мелиа ашас ԥара ахьимшәаз азыҳәан.
Аӡбаҩ иажәақәа рыла, Ника Мелиа аԥара иазыӡбаны имшәеит. Иахьа ашас ԥара ашәара аҿҳәара нҵәеит.
Апрокуратура Ника Мелиа ахара иднаҵеит апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеиразы. Иара мшаԥы 29 рзы 50 000 лари ашас ԥара ашәара иқәҵан.