Непал иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит 129-ҩык
Непал иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит 129-ҩык

Непал иҟалаз адгьылҵысра иалаӡит 129-ҩык, – аанацҳаит CNN.

ЕАШ агеологиатә маҵӡура аинформациа ала, 5.6амагнитуда амчзмаз адгьылҵысра Непал аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы, Карналтәи апровинциаҿ ҟалеит.

Непалтәи аполициа аспикер Кубер Қадаиат CNN ахь ишааицҳаз, 129-ҩык ҭахеит, 140-ҩык ахәрақәа роуит.

Индиа аԥыза-министр Нарендра Моди адгьылҵысраан иҭахаз руацәа дрыдашшылеит.

2015 шықәсазы Непал иҟалаз 7.8 амагнитуда амч змаз адгьылҵысраан иҭахеит 9000-ҩык.