Нед Праис – Урыстәыла Украина иажәылар, "Аҩадатәи поток 2" аус аҳаруам
Нед Праис – Урыстәыла Украина иажәылар, "Аҩадатәи поток 2" аус аҳаруам

«Урыстәыла Украина иажәылар, Америка Германтәылаҟны аусура иалагоит  “Аҩадатәи поток 2”  апроект аанкыларазы», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маӡаныҟәгаҩ Нед Праис. Ари аинформациа аланарҵәеит  Deutsche Welle.

«Сара адетальқәа сызрылацәажәом. Ари апроект аанкыларазы Германтәылаҟны аусура ҳалагоит», — иҳәеит  Праис, аха,   Германтәыла ари апозициа иақәшаҳаҭу иақәшаҳаҭыму имҳәеит.

Нед Праис  ишазәгеиҭаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу агазмҩангага макьана аусура иаламгацт.