NDI – Изызҵааз реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти Украина адгыларазы иахәҭоу ҟарҵоит
«Изызҵааз реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти Украина адгыларазы иазхаша ҟарҵоит», — азгәаҭоуп Амилаҭтә демократиатә институт (NDI) аҭҵаарақәа рҿы.
Изызҵааз рҟынтә 51% ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла апарламент Украина адгыларазы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, 53% ргәаанагарала, Қырҭтәыла аиҳабырагьы иазхаша ҟарҵоит.
Убри аамҭазы, 33% ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла апарламент Украина адгыларазы иаҳа ирацәаны иҟанаҵароуп, аиҳабыра рзы абри аҩызаҵәҟьа агәаанагара рымоуп 32% ареспондентцәа.