NDI – Изызҵааз реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти Украина адгыларазы иахәҭоу ҟарҵоит
NDI – Изызҵааз реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти Украина адгыларазы иахәҭоу ҟарҵоит

«Изызҵааз реиҳара ргәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи апарламенти Украина адгыларазы иазхаша ҟарҵоит», —  азгәаҭоуп Амилаҭтә демократиатә институт  (NDI) аҭҵаарақәа рҿы.

Изызҵааз рҟынтә 51% ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла апарламент Украина адгыларазы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит,  53% ргәаанагарала, Қырҭтәыла аиҳабырагьы иазхаша ҟарҵоит.

Убри аамҭазы, 33% ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла апарламент Украина адгыларазы иаҳа ирацәаны иҟанаҵароуп, аиҳабыра рзы абри аҩызаҵәҟьа агәаанагара рымоуп 32% ареспондентцәа.