NDI аҭҵаарқәа инрықәыршәаны, изызҵааз ауааҧсыра реиҳара ргәаанагарала, Қырҭтәыла ахадеи аҧыза-министри Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы ииашоу ашьаҿақәа ҟарҵоит
NDI аҭҵаарқәа инрықәыршәаны, изызҵааз ауааҧсыра реиҳара ргәаанагарала, Қырҭтәыла ахадеи аҧыза-министри Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы ииашоу ашьаҿақәа ҟарҵоит.
Ареспондентцәа 63% Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы иҟаҵоу ашьааҿақәа ииашоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит, 18% ргәаанагарала атәыла анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа ииашам, 18% аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩуп.
Иара убас, изызҵааз рҟынтәи 46% ргәаанагарала, Қырҭтәыла аҧыза-министр Украина имҩаҧысуа аибашьра ииашаны иақәҿиҭуеит, 37% ргәаанагарала — иҟаиҵо ашьаҿақәа ииашам, 15% ари азҵааразы аҭак рыздырӡом.
Иахьа ицәырган Амилаҭтә демократиатә институти CRRC-Georgia-и еицымҩаҧыргаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа.