NDI  аҭҵаара ҿыц алҵшәақәа цәырнагеит
NDI  аҭҵаара ҿыц алҵшәақәа цәырнагеит

Иахьа  «Амилаҭтә демократиатә институти»  CRRC-Қырҭтәылеи ицәырыргаз алҵшәа ҿыцқәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра дара рзы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рҿы апрогресс рбом. Ргәы ишаанаго ала, аҵыхәтантәи 10 шықәса рыла, аҕарреи, ацәгьауреи, атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи, аҵареи аганахьала аҭагылазаашьа еицәахеит», — иануп  «Амилаҭтә демократиатә институт» (NDI) аҳасабырбаҿы.

Аҭҵаара рылҵшәақәа инрықәыршәаны, ауааҧсыра ргәаанагарала, анапхгаратә гәыҧ роума, аоппозициа роума, ауааҧсыра ринтересқәа  иазҧхьагәарҭом. Ауаа апарламентгьы агәра ргом, ишырҳәо ала,  азакәанҧҵаратә орган ауаа зегьы раасҭа изыргәамҵуа азҵаарақәа аус рыдырулом (53%).

NDI аҳасабырба ишану ала, уажәазы атәылаҿы иҟоу аполиаризациа афонаҿ, ауааҧсыра реиҳара апартиақәа рыбжьара аусеицура иадгылоит.

Ауааҧсыра 80% ргәы ишаанаго ала, дара иалырхыз апартиа апарламент аҿы егьырҭ апартиақәа зегьы аус рыцнауроуп.

Аҭҵарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы  (92%) адемократиатә тәылаҿы анхара рҭахуп,  39% наӡына мацароуп Қырҭтәыла адемократиа иҟоуп ҳәа згәы иаанаго.

Аҳасабырба ишану ала, апандемиа ҟалеижьҭеи ҩышықәса анҵы, ауааҧсыра рыбжа атәыла аиҳабыра апандемиа ибзианы иахылаҧшуеит ҳәа рәгы иаанагоит. Аха, авакцинациа агәра зымго рацәоуп: 42% ауааҧсыра авакцина аҟаҵара ргәы иҭам,  25% ишырҳәаз ала, алаҵа ҟарҵар рҭахуп,  29%  акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҟарҵахьеит. Авакцина ҟазымҵо ауааҧсыра рыхәҭак ишырҳәаз ала, авакцина ахаҭабзиара агәра ргом  (38%) егьырҭ ргәабзиара амзызла алаҵа рзыҟаҵом ҳәа рҳәеит  (20%).

Иара убас, авакцина ҟазҵахьоу рҟынтә  34%  абустертә доза аҟаҵара ргәы иҭам.

NDI аинформациа инақәыршәаны, аҭҵаарақәа мҩаҧган  2021 шықәса ҧхынҷкәын 7-13  рзы, Қырҭтәыла зехьынџьара имҩаҧгаз аҭелтә интервиуқәа рышьаҭала  (импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рыда).