NBC – Мраҭашәаратә аофициалтә хаҿқәа ргәаанагарала, Урыстәылеи Украинеи ари аибашьраҿы ирымаз ахықәкқәа рзынагӡом, убри аҟынтә, сынтәа аӡынразы аиҿцәажәарақәа иалагоит
NBC – Мраҭашәаратә аофициалтә хаҿқәа ргәаанагарала, Урыстәылеи Украинеи ари аибашьраҿы ирымаз ахықәкқәа рзынагӡом, убри аҟынтә, сынтәа аӡынразы аиҿцәажәарақәа иалагоит

Мраҭашәаратә аофициалтә хаҿқәа ргәаанагарала, Урыстәылеи Украинеи ари аибашьраҿы ирымаз ахықәкқәа рзынагӡом, убри аҟынтә, сынтәа аӡынразы аиҿцәажәарақәа иалагоит, ари атәы аанацҳаит  NBC.

Аҭыжьымҭа адыррала, Мраҭашәара атәылахьчаратә усхкы аофициалтә хаҭарнакцәа ргәаанагарала, Украина ахатә аҵакырадгьылқәа зегьы рҟынтә урыстәылатәи арбџьармчқәа ралгара залшом. Аӡынразы уаҟа арратә операциа аанкылахар,  ганкгьы ахатә хықәкы анагӡара залшом  — атәыла зегьы азы ахылаҧшра рзышьақәдыргылом.

Украина аиҳабыра алахәылацәа ринформациа шьаҭас иҟаҵаны аҭыжьымҭа ишаанацҳаз ала,  амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ Џьеик Салливан ари аибашьра адипломатиатә мҩала аҭыҧқәҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит, иара ишиҳәаз ала, Украина аурысцәа рҟны аиҿцәажәара иақәшаҳаҭхар, америкатә ган ақәыҕәҕәразы ахархәагақәа аздырҳауеит.

NBC ишану ала, Америкеи мраҭашәаратә аидгылаҩцәеи Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан аганқәа рыбжьара абжьацәажәара ахьинӡаилшо иалацәажәеит. Ердоҕан ари амиссиа дшазыхиоу иҳәеит.