НАТО-Қырҭтәылатәи  азыҟаҵаратәи ахәшьараҭаратәи еилахәу ацентраҿ имҩаҧган   Agile Spirit 2023 арратә азыҟаҵара акоманда-аштабтә компонент
НАТО-Қырҭтәылатәи  азыҟаҵаратәи ахәшьараҭаратәи еилахәу ацентраҿ имҩаҧган   Agile Spirit 2023 арратә азыҟаҵара акоманда-аштабтә компонент

НАТО-Қырҭтәылатәи  азыҟаҵаратәи ахәшьараҭаратәи еилахәу ацентраҿ имҩаҧган   Agile Spirit 2023 арратә азыҟаҵара акоманда-аштабтә компонент.

Аштабтә аҵаратә хәҭа иаҵанакәан амилаҭрацәаратә бригада ауранагӡара, аҵара алахәылацәа ареалтә лагылазаара рзеиқәыршәан.   Аҵара иалахәыз еиуеиҧшым атәылақәа рыруаа ахыхьчаратә операциақәа мҩаҧыргеит, иара убас, аҧышәа еиҭнырыҧсахлеит. Аҵаратә процесс анапхгара азыруеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Мраҭашәаратә напхгара.

Сынтәа арҭ азыҟаҵарақәа ирылахәып 21 НАТО иалоу атәылақәеи апартниор тәылақәеи, 3 еиҿкаараки,  3600ҩык арратә маҵзуҩцәеи.

Agile Spirit 2023 хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи, Америка Иеиду амчқәеи, адгылаҩцәеи апартниорцәеи рымчқәеи атактикатә аҩаӡараҟны реишьашәалазаара аиҕьтәреи, амилаҭрацәаратә лагылазаараҿы аоперациақәа рпланшьҭыхра аиҕьтәреи, аоперативтә алшарақәа рырҕәҕәареи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.