Нато атәылахьчара аминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Нато атәылахьчара аминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит

Нато атәылахьчара аминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Нато атәылақәа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟарҵоит адипломатиатә мҩа алхны, зыԥшр ҟамҵакуа жәларбжьаратә ахыдҵақәа нагӡаны, Украинантә арбжьармчқәа алыргарц.

Аҳәамҭаҿ агәынамӡара аарԥшуп Урыстәыла замҽхак ҭбаау апровокациатә арратә гәыԥқәа Украина иакәшаны, Иара убас Беларус атерриториаҿ ахьықәнаргылаз.

“Урыстәыла ашьаҿақәа Евроатлантикатә шәарҭадара ашәарҭа ҭадыргылоит. Адгылаҩцәа зегьы атәылақәа рыхьчаразы, алианс иацҵаны амчқәа, аҳауатәи амшынтәи ӷьақәа мраҭашәаратәи ахәҭахь ҳашьҭуеит. Ҳшьаҿақәа апревенциатә ҟахшьа рымоуп.

Ҳҭакԥхықәра Вашингтонтәи аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәта аганахьала ԥсаххом.  Ҳара ҳадгылаҩцәа рыхьчара ҳазыхиоуп,” – иануп аҳәамҭа аҿы.