НАТО  аҿы ишырҳәаз ала, Германтәыла жәабран азы Урыстәыла ала НАТО мрагыларатә фланг  ажәыларазы аҽазыҟанаҵоит ҳәа аҭыжьымҭа Bild иаланарҵәаз агәаанагара  аҵаратә сценари мацароуп
НАТО  аҿы ишырҳәаз ала, Германтәыла жәабран азы Урыстәыла ала НАТО мрагыларатә фланг  ажәыларазы аҽазыҟанаҵоит ҳәа аҭыжьымҭа Bild иаланарҵәаз агәаанагара  аҵаратә сценари мацароуп

НАТО аҿы иҟарҵаз аилыркаарақәа инрықәыршәаны,  Германтәыла жәабран азы Урыстәыла ала НАТО мрагыларатә фланг ажәыларазы аҽазыҟанаҵоит ҳәа аҭыжьымҭа Bild иаланарҵәаз агәаанагара  аҵаратә сценари мацароуп.

Асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит НАТО Астратегиатә коммуникациақәа рзы ацентр адиректор Ианис  Сартс.

«Bild  аҵаратә азыҟаҵарақәа рсценари аиуит, ишаҧу ала, уи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла арратә алшарақәа ргәаҭара иазкуп.  Ҧаса абри аҩыза асценариқәа еиқәдыршәон реалра иҟам, ихәыцу атәылақәа рышьаҭала. Уажәы, лассы-лассы рхы иадырхәоит реалра иҟоу атәылақәеи агеографиатә ҭыҧқәеи», — иҩит  Сартс.

Анемец ҭыжьымҭа  Bild астатиа ишану ала, Германтәыла арбџьармчқәа 2024 шықәса жәабран азы Урыстәыла ала НАТО мрагыларатә фланг ажәыларазы рҽазыҟарҵоит.