НАТО Арратә комитет ахантәаҩы - Қырҭтәылеи ҳареи ҳпартниоррра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, уи убарҭоуп НАТО аштаб-уадаҿы Аҧыза-министр ивизит алагьы
«Ҳаизыҟазаашьақәа кыраамҭатәи аҭоурых бзиа рымоуп, НАТОи Қырҭтәылеи рпартниорра ҕәҕәа иасимволуп», — иҳәеит НАТО Арратә комитет ахантәаҩы, арратә ҳаиртә мчқәа рфельдмаршал Стиуарт Фич Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рышьаҭаркра инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгазы ауснагӡатә аҿы.
Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи НАТОи рпартниоррра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, уи убарҭоуп НАТО аштаб-уадаҿы Аҧыза-министр ивизит алагьы.
«Қырҭтәыла аиҳабыра лабҿаба иҳдырбеит НАТО ашҟа аинтеграциа шәтәыла адәныҟатәи аполитикеи шәтәыла ашәарҭадареи азы ахадаратә ҳасабтәны ишаанхо, убри аҟынтә, Аҩадаатлантикатә алиас, даҽа хышықәса рыла Қырҭтәыла иазынанагӡеит зылшарақәа ҕәҕәоу апартниор истатус. Ҳпартниорра ишьақәнарҕәҕәеит уи аҩ-ганк ишырзыфеидоу», — иҳәеит Стиуарт Фич.