НАТО – Аҳәынҭқаррақәа зегьы, рхы иақәиҭны, анҭыҵынтә аҽалагалара ада, рхатә адәныҟатәи политика аҳәаақәҵара азин рымоуп, ҳара абри азин ҳадгылоит
Аҳәынҭқаррақәа зегьы, рхы иақәиҭны, анҭыҵынтә аҽалагалара ада, рхатә адәныҟатәи политика аҳәаақәҵара азин рымоуп, НАТО абри азин иадгылоит, – иануп Аҩадаатлантикатә хеилак аҳәамҭаҿы.
Ахеилак даараӡа иаргәамҵуеит Украина аҳәааҿы урыстәылатәи ар рмобилизациа. Дара Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара иалагарц.
«Уажәтәи ҭагылазаашьа Аҩадаатлантикатә хеилак ашәарҭадара иаҧырхагахар ауеит. Абри аҩыза афактқәа еснагь иахәҭоу ақәҿыҭра раҳҭоит. НАТО иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит алианс алахәылацәа зегьы рыхьчаразы. Европатәи ашәарҭадара иадҳәаланы Урыстәыла иҟарҵаз ажәалагалақәа аадыруеит. Урыстәылаҟны иарбанызаалак адиалог ҩ-ганктәи ашьаҭала имҩаҧгазароуп, европатәи ашәарҭадара апринципқәа иазҧхьагәаҭаны, насгьы, адиалог хымҧада иалахәызаароуп НАТО европатәи апартниорцәа», — иануп аҳәамҭаҿы.
Уаанӡа Урыстәыла ахада Владимир Путин ааицҳаит Урыстәыла ашәарҭадаразы агарантиақәа раиура амзызла, Москва НАТО аҟны адиалог алагара ишаҳәо.
Урыстәыла ажәалагалақәа Америка аҳәыныҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Карен Донфрид илыҭан, лара визитла Урыстәылеи Бриуссели дыҟоуп.