Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа Қарҭ акциа мҩаҧыргоит
Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа Қарҭ акциа мҩаҧыргоит.
Акциа алахәылацәа Ареспублика ашҭаҿы еизоит асааҭ 14:00 рзы. Активистцәа рыхәҭак Қәҭешьынтә иаауеит, Қәҭешь акәын аҵыхәтәантәи амзақәа рзы апротесттә ҵысра аепицентрс иҟаз.
Активистцәа ишырҳәаз ала, аиҳабыра рыҳәара нарыгӡаанӡа, Қарҭ иҟазаауеит.