Мцхеҭа ахадара – Шиомҕвиме аберҭыҧ иаҧну аҵакырадгьылаҿ, абахә хәҭак ахьеилаҳаз аҭыҧаҿ, арыцқьаратә усурақәа инагӡоит, аспециалистцәа аихшьаала дырмазеиуеит
Мцхеҭа ахадара – Шиомҕвиме аберҭыҧ иаҧну аҵакырадгьылаҿ, абахә хәҭак ахьеилаҳаз аҭыҧаҿ, арыцқьаратә усурақәа инагӡоит, аспециалистцәа аихшьаала дырмазеиуеит

Мцхеҭа амуниципалитет ахадара аинформациа инақәыршәаны, Шиомҕвиме аберҭыҧ иаҧну аҵакырадгьылаҿ, абахә хәҭак ахьеилаҳаз аҭыҧаҿ, арыцқьаратә усурақәа инагӡоит.

Ахадара ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, иашьашәалоу аструктурақәа зегьы ари апроцесс иалахәып.  Уааҵәҟьа  иҟоуп аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәагьы.

Ишыжәдыруа еиҧш, нанҳәа  27 рзы,  Шиомҕвиме   аберҭыҧ иазааигәаны абахә хәҭак еилаҳаит, аӡәгьы акгьы имыхьит, амҩеи егьи аинфраструктуреи аҧхасҭа рмоуит.